Ҭамар Габуния – Ҳара ахәаахәҭратә центрқәа рҟны аусеицура ҳаҿуп, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿгьы авакцинациа акабинетқәа реиҿкааразы
Ҭамар Габуния – Ҳара ахәаахәҭратә центрқәа рҟны аусеицура ҳаҿуп, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿгьы авакцинациа акабинетқәа реиҿкааразы

«Ҳара ахәаахәҭратә центрқәа рҟны аусеицура ҳаҿуп, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿгьыы авакцинациа акабинетқәа реиҿкааразы», — илҳәеит агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниа.

Лара лажәақәа рыла, амассатә вакцинациа ианалагалак, алаҵақәа рыҟаҵара ҟалоит есымша, авакцинациа акабинетқәа ҽнакала аа-сааҭк еиҵамкәа аус руеит.

«Иахьазы, апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, аус руеит  290 бригадақәа, абригада цыҧхьаӡа ҽнакала  60 алаҵақәа рыҟаҵара рылшоит. Бригадақәак  90 раҟара алаҵақәа ҟарҵоит. Алаҵақәа рыҟаҵара ҟалоит есымша, акабинетқәа зегьы есымша аа-сааҭк еиҵамкәа аус руеит.  Клиникақәак 12 сааҭтәи аусуратә режим ашҟа ииасхьеит, аҧсшьарамшқәа рзгьы аус руеит.

Иара убас, амедицинатә усбарҭақәа рынҭыҵгьы авакцинациатә қәыҧшыларақәа реиҿкаара ҳгәы иҭоуп.  Ҳара ахәаахәҭратә центрқәа рҟны аусеицура ҳаҿуп, ауаа рацәа ахьеизо аҭыҧқәа рҿгьы авакцинациа акабинетқәа реиҿкааразы. Ауаа активла алаҵақәа рыҟаҵара иалагап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Ҭамар Габуниа.