Ҭамар Черголеишвили - Арежим ахаҭарнакцәа   «Афедералистцәа» рқәиҭымтәра рыӡбеит, уи ҳара ҳзы акгьы иаанагом, апротестқәеи асанкциақәеи альтернативтә шьаҿақәеи рыла ахьацра рыдаҳцалоит 
Ҭамар Черголеишвили - Арежим ахаҭарнакцәа   «Афедералистцәа» рқәиҭымтәра рыӡбеит, уи ҳара ҳзы акгьы иаанагом, апротестқәеи асанкциақәеи альтернативтә шьаҿақәеи рыла ахьацра рыдаҳцалоит 

«Арежим ахаҭарнакцәа   «Афедералистцәа» рқәиҭымтәра рыӡбеит, уи ҳара ҳзы акгьы иаанагом. Ҳгәы ишаанаго ала,  иарбанзаалак партиак ақәиҭымтәра аполитикатә процесс аҧсроуп иаанаго, ҳара изакәызаалак аформалтә политикатә процесс ҳхы алаҳархәом», — илҳәеит апартиа «Афедералистцәа» ахантәаҩы Ҭамар Черголеишвили.

Лара  апарламент ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили аконституциатә ашшыҧхьыӡ аҿы иарбоу асиашҟа  «Афедералистцәа» рацҵара иазкны иахьа  иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит.

«Ҳәарада, ҳара ҳада егьырҭ зегьы аконкурентцәа реиҧш ҳрыхәаҧшуеит, аха,  Биӡина Иванишвили ишьақәиргыло ақәиҭымтәрала акәымкәа, еиҟароу аҭагылазаашьақәа рҿы, ақәҧара иаша аҿы аиааира ҳгар ҳҭахуп. Убри аҟынтә, ҳара ҳзы акымзаракгьы аҽаҧсахуам. Арежим уи зырҭаху еилыскаауеит. Дара 3 партиак рқәиҭымтәразы ирымаз аҿҳәара нҵәоит, ари аус аҵыхәанӡа ирызнарымгеит, аҿҳәара ҿыц рҭахуп. Дара ҧасатәи ашшыҧхьыӡ аҧыхны, ашшыҧхьыӡ ҿыц аларҵеит, аҿҳәара ҿыц роурц азыҳәан. Уи алагьы иубарҭоуп арежим шыҧсыҽу.

Ҳадгылаҩцәа рахь ааҧхьара ҟасҵар сҭахуп: ҳара ҳзы акырмзаракгьы аҽаҧсахуам.  Апротестқәеи асанкциақәеи альтернативтә шьаҿақәеи рыла ахьацра рыдаҳцалоит. Уи абзоурала адемократиатә аиҳабыра шьақәгылоит,  “Афедералистцәагьы” хымҧада уи иалахәызаауеит», — илҳәеит Ҭамар Черголеишвили.