Ҭамар Черголеишвили – Иахьа адәахьы иаабо, ажәлар рхала еиҿыркаауа апротест даараӡа Маидан иеиҧшуп
Ҭамар Черголеишвили – Иахьа адәахьы иаабо, ажәлар рхала еиҿыркаауа апротест даараӡа Маидан иеиҧшуп

Иахьа адәахьы иаабо, ажәлар рхала еиҿыркаауа апротест даараӡа Маидан иеиҧшуп, – илҳәеит ажурналист Ҭамар Черголеишвили ателееилахәырак аефираҿ.

Черголеишвили лҳәамҭала, ари апроцесс иҧсыҽхар ҟалом, ахырхарҭа ииаша аҭатәуп.

„Иахьа адәахьы иаабо, ажәлар рхала еиҿыркаауа апротест даараӡа Маидан иеиҧшуп. Аполитикатә елита ари апроцесс изахылаҧшуам, абри зегьы ажәлар рхала еиҿыркаауеит, уи даараӡа Маидан иеиҧшуп. Иванишвили аханатәгьы иалихыз ахырхарҭа  иаамҭаны иаҳзаанымкылеит, иаҳзаамырҳәит, ҳзеиқәшаҳаҭымхеит,  абри ауп иахьатәи аҭагылазаашьа зыхҟьаз.  Усҟан адемократиатә мчқәагьы изеиқәшаҳаҭымхеит, аха, уажәы, инарҭбаау аконсенсус иҟоуп. Уажәы Қарҭ амҩақәа рҿы иҧшӡаӡоу апроцесс ҳбоит, аҿагыларатә процесс ҳбоит. Ари апротест иҧсыҽхар ҟалом, ахырхарҭа ииаша аҭатәуп“, – илҳәеит Черголеишвили.