Қырҭтәылаҿ ахаланапхгараҭаратә алхрақәа мҩаҧысуеит
Қырҭтәылаҿ ахаланапхгараҭаратә алхрақәа мҩаҧысуеит

Қырҭтәылаҿ  аҭыҧантәи ахаланапхгараҭаратә алхрақәа мҩаҧысуеит. Атәыла зегьы амасштаб ала иаартуп 3634 алхырҭеи 10 алхратә округи (Исани, Глдани,Русҭави, Қсани, Мцхеҭеи, Ҵҟалтубои, Қәҭешьи Баҭыми рокругқәа ирылу азыӡбанагӡаратә усбарҭақәа).

Атәылауаа аҭыҧантәи ахаланапхгараҭаратә 5 қалақьк рҿы  – Қарҭи, Русҭави, Қәҭешьи, Ҧуҭи, Баҭыми 59 муниципалитетқәеи рҿы ахадацәеи сакребуло аилазаашьеи 4 шықәсатәи аҿҳәарала иалырхуеит.

Ахаланапхгараҭаратә алхрақәа еилоу асистемала имҩаҧысуеит – апропорциатәи амажоритартәи системақәа рыла.

Атәыла амасштаб ала, импыҵахалоу арегионқәа нрылаҵаны, иаадыртит 84 амажоритартә округ, аха Қырҭәтыла атәылауаа абжьыҭира рылшоит 73 машоритартә округқәа рҿы.

Аофициалтә дыррақәа рыла, алхҩцәа рсиа ианылеит 3 440 123 ҩык, ахаланапхгаратә ақалақьқәеи амуниципалитетқәеи рҿы иалырхуеит 64 ҩык ахадацәеи, 64 сакребулоқәа рахь 2058 ҩык алахәылацәа.

2017 шықәсатәи ахаланапхгаратә алхрақәа рхы аладырхуеит 27 алхратә субиектк. Урҭ иреиуоуп 5 алхратә блокқәа (2 – БақраӡеҽУгулаваҽЕвропатәи Қырҭәтыла, 3 – Димитри Лорҭқиҧанише. Каха Кукава – Адемократиатә ҵысра – Зхы иақәиҭу Қырҭтәыла, 5 – Иаку амилаҭтә ҵысра, 27 – Гиорги Вашаӡе – Қырҭтәыла ҿыц, 38 – Жәлар ракзаара).

Иара убас 22 аполитикатә партиақәа:

1- Аҵысра аҳәынҭқарра жәлар рзы

4- Еидҵоу адемократиатә ҵысра

6- Қырҭтәыла ареспубликатә партиа

7- Ҭамаз Меҷиаури иаку Қырҭәтылазы

8- Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс

9 – Армарахьтәи алианс

10- Қырҭтәыла алеибористцәа рпартиа

11 – Амилаҭтә демократиатә ҵысра

14- Қырҭтәыла акзаареи аҿиареи рпартиа

15- Аусуҩцәа рсоциалисттә партиа

17- апартиа Қырҭтәыла

18- Амилаҭтә традиционалистцәа реидгыла

20- „Амилаҭтә форум

22- Мераб Костава иеиҿкаара

23- Иҿыца ақьырсиан демократиатцәа, Қырҭтәылазы

28- Аиашара аиҭашьақәыргылара ахеилак ажәлар рыбжьы

29- Иҿыцу арҕьаратәиқәа

31-Ахьҧшымра ҽ Звиад Гамсахәырдиа имҩа

34- Аорден Аҧсадгьыл

37- Қырҭтәыл иаку акоммунистцәа рпартиа

39- Апрогресстә демократиатә ҵысра

41- Ақырҭуа гәахәтәы адемократиатә Қырҭтәыла