Жигимантас Павилионис Қырҭтәыла ивизит иадҳәаланы аилыркаарақәа рыҟаҵаразы Литва азакәанҧҵратә орган ашҟа иҧхьеит
Жигимантас Павилионис Қырҭтәыла ивизит иадҳәаланы аилыркаарақәа рыҟаҵаразы Литва азакәанҧҵратә орган ашҟа иҧхьеит

Литва Сеим  авице-спикерцәа Павилионис Қырҭтәыла ивизит иадҳәаланы азҵаарақәа рымоуп.

«Қырҭтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа апатуеиқәҵара ашьаҭала иҿиаауеит. Жигимантас Павилионис ганк дрыдгыланы,  егьи аган ахара рыдҵаны, Қырҭтәыла ахшыҩ  дирҵарц иӡбеит», — иҳәеит авице-спикер Иулиус Сабатаускас.

Иара убас, Литватәи АИХ ишаарыцҳаз ала,  Павилионис Қырҭтәыла ивизит дахцәажәеит Сеим аспикер Викториа Чмилите-Нильсен.  Лара ишылҳәаз ала,  адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы авизит аан  иаҳа адипломатиа дақәныҟәар акәын. Сеим аспикер лҳәамҭала, Павилионис иҳәамҭақәа Қырҭтәылеи Литвеи реизыҟазашьақәа ирҧырхагахар ауеит.