Хара имгакәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы Васил Маҕлаҧериӡе иавтортә проект  - «Ҳ-Қырҭтәыла» иалагоит

Хара имгакәа Қырҭтәыла Актәи аканал аҿы Васил Маҕлаҧериӡе иавтортә проект  – «Ҳ-Қырҭтәыла» иалагоит. Адокументалтә сериал «Абырфынтә мҩа ду кавказтәи амагистраль  —  Дариалынтә  Хорнабуџьи аҟынӡа».

Адокументалтә фильмқәа Қырҭтәыла ашьақәгылара аҭоурыхи, адунеи аҿы имҩаҧысуаз ахҭысқәа атәылазы ирымаз анырреи, ақырҭуаа рыҧсҭазаашьеи рыбзазареи иазкны иаҳзеиҭарҳәоит. Асериал иҳнардыруеит атәыла агеографиеи, аҧсабареи, акультуратә ҭынхеи, Қырҭтәыла акультуратә қәыҧшылареи.