ЕАР Ассамблеиа Хада 78-тәи асессиаҿы Иракли Ҕарибашвили иқәгылара  ишиашо атранслиациа иоурыжьҭуеит Қырҭтәыла Актәи аканал аефираҿ
ЕАР Ассамблеиа Хада 78-тәи асессиаҿы Иракли Ҕарибашвили иқәгылара  ишиашо атранслиациа иоурыжьҭуеит Қырҭтәыла Актәи аканал аефираҿ

Иахьа Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ЕАР Ассамблеиа Хада 78-тәи асессиа ахадаратә дебатқәа рылахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит.

ЕАР аҿы Қырҭтәыла еснагьтәи ахаҭарнак Давиҭ Бақраӡе ишиҳәаз ала, Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара аиҭашьақәыргылара ахырхарҭала атәыла анапхгара имҩаҧырго  аҭынчратә политикеи, аекономикатәи адемократиатәи реформақәеи дрылацәажәоит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр иқәгылара жәбар шәылшоит Қырҭтәыла Актәи аканал ишиашо ицо аефираҿ,  «Моамбе» аҭыжьымҭа ҷыдаҿ.