Украина Аҧыза-министр Қырҭтәыла даҭаауеит
Украина Аҧыза-министр Қырҭтәыла даҭаауеит

Украина Аҧыза-министр Денис Шмигаль Қырҭтәыла даҭаауеит. Украина Аҧыза-министр ари атәы ааицҳаит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани даниҧылоз.

Украина Аҧыза-министр даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәылеи Украинеи астратегиатә партниорра шрыбжьоу, аҩ-тәылак  хықәкык шрымоу – европатәии евроатлантикатәии интеграциа.

Қырҭтәыла авице-аҧыза ишиҳәаз ала,  ақырҭуа аган даараӡа иаргәамҵуеит Украина аҳәаақәа рҿы, иара убас,  импыҵахалоу Ҟрым   имҩаҧысуа ахҭысқәа. Давиҭ Залкалиани даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Аиҧылара алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, НАТО анеҩстәи асаммит аҿы аҩ-тәылак ринтеграциатә хықәкқәа ишахәҭоу ала аадырҧшыроуп.