Вахтанг Гомеалури иажәақәа рыла, Саломе Зурабишвилии иареи ԥхынгәы 5-6 рзы иҟалаз ахҭысқәа рыхцәажәеит
Вахтанг Гомеалури иажәақәа рыла, Саломе Зурабишвилии иареи ԥхынгәы 5-6 рзы иҟалаз ахҭысқәа рыхцәажәеит

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомеалури иажәақәа рыла, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии иареи ԥхынгәы 5-6 рзы Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа рыхцәажәеит.

Гомелаури ишааицҳаз ала, ахада ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара адетальқәа аинтересла дырзыӡырҩит.

“Ахада сылԥылеит. Лара ԥхынгәы 5-6 рзы Қарҭ иҟалаз ахҭысқәа ирызкны дсацәажәеит. Ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара адетальқәа ирызку аинформациа лаҳҭеит – аахақәа зауз рхыԥхьаҿара, ааахақәа зауз ажурналистцәа рхыԥхьаӡара, иаанкылоу ауаа рхыԥхьаӡара уҳәа уб. егь. Аха аазҵаарақәа хзықәлырглан, аинтерес илымаз азҵаарақәа рзы аҭак лоуит,” – иҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр.

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Орбелианиаа рхан аҿы Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомеалури диԥылеит.