Саломе Зурабишвили  Женева, Аџьаус азы Жәларбжьаратәи аиҿкаара агенералтә директор диҧылеит 
Саломе Зурабишвили  Женева, Аџьаус азы Жәларбжьаратәи аиҿкаара агенералтә директор диҧылеит 

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  Женева, Аџьаус азы Жәларбжьаратәи аиҿкаара агенералтә директор  Гаи Раидер диҧылеит.

Атәыла ахада лпрессмаҵзура адыррақәа рыла, аганқәа рхаҭарнакцәа аџьаус ашәарҭадара аганахьала апандемиа иахылҵыз апроблемақәа  ирылацәажәеит.

«Иаҵшьны иазгәаҭан аџьаус ашәарҭадареи аџьаустә зинқәа рыхьчареи аганахьала Қырҭтәыла апрогресс ду шыҟоу.  Ҷыдала иазгәаҭан аинклиузивтә социалтә диалог аганахьала иҟоу ақәҿиарақәа.

Аиҧылара аан атәыла ахада Қырҭтәылазы атехникатә цхыраара апрограммақәа рырҭбаара азҵаара иқәлыргылеит. Аиҿкаара ахаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, ахьчара апҟарақәеи амеханизмқәеи раларҵәара амзызла аусеицура иазыхиоуп.