Саломе Зурабишвили  - Иахьа ҳара ҳхы ҳақәиҭуп, аха, ҳахдыррагьы ахы иақәиҭтәуп
Саломе Зурабишвили  - Иахьа ҳара ҳхы ҳақәиҭуп, аха, ҳахдыррагьы ахы иақәиҭтәуп

 

Ҿыц иалху апарламент актәи аилатәараҿы атәыла ахада Саломе Зурабишвили ишылҳәаз ала, аидеологиақәа раамҭа цахьеит,  аҧынгылақәа зхылҿиаауа зегьы аҧырхтәуп — «аиашаҳәара ашәареи,аинициативақәа рықәыргылара ашәареи, амцҳәареи, апопулисттә ақәыргәыҕрақәа рыла ауаа рхыхреи».

«Қырҭтәыла аҧышәара ду иахысроуп. Иахьа ҳара ҳхы ҳақәиҭуп, аха ҳахдыррагьы ахы ақәиҭтәзароуп, ҳинститутқәа ҳарҕәҕәароуп.

Убри азыҳәан, иахьа иаҳҧырхагоу зегьы аҧырхтәуп. Сара аиашаҳәара ашәареи иаҭаху ашьаҿақәа игәаҕьны рыҟаҵара ашәареи ауп сызлацәажәо. Ашәара ауп иаҳҧырхагоу.

Аидеологиақәа раамҭа цахьеит: акоммунизм аҵыхәа ҧҵәоуп,аультралиберализмгьы актуалра ацәыӡхьеит. Афанатизм ауаажәларра арбгоит.  Аколониалтә комплекс ауп ахақәиҭра агәынкылараҿ иаҳҧырхагоу.  Ҳара ҳхы ҳақгәыҕуам, абри ауп атәыла анапхгара аҭараҿы иаҳҧырхагоу. Атәыла аҩнуҵҟагьы анҭыҵгьы аҕацәа ҳрышьҭоуп. Аҕацәеи ачарҳәаҩцәеи рылацәажәара ҳаҿуп. Абарҭ атерминқәа рхархәареи, абас ала ауаа рызныҟәареи  ҳаҟәыҵроуп.  Абри ауп ҳаамҭазтәи Қырҭтәыла ҕәҕәа аргылара ҳалзыршаша», —  илҳәеит Қырҭтәыла ахада.