Саломе Зурабишвили Гиорги Руруа ашьауӷа ихыхра азы акт иахьа лнапы аҵалҩыр ҟалап
Саломе Зурабишвили Гиорги Руруа ашьауӷа ихыхра азы акт иахьа лнапы аҵалҩыр ҟалап

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Гиорги Руруа ашьауӷа ихыхра азы акт иахьа лнапы аҵалҩыр ҟалап.

Саломе Зурабишвили мышқәак раԥхьа иҟалҵаз аҳәамҭа инақәыршәаны, ашьауӷа ахыхразы акт мшаԥы 27 рзы лнапы аҵалҩыроуп. Ари аҽны аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апарламент ахь инеироуп.

Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент рнапы аҵазҩыз аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа апарламент ахь иахьа инеирц ргәы иҭоуп. Урҭ азакәанԥҵаратә еиҿкаарахь инеины, апленартә еилатәара рхы аладырхәарц азы, арегистрациа иахысроуп.