Саломе Зурабишвили Америка ахада иҧшьгарла имҩаҧысуа  Адемократаиаа асаммит аҿы  дықәгылоит
Саломе Зурабишвили Америка ахада иҧшьгарла имҩаҧысуа Адемократаиаа асаммит аҿы дықәгылоит

Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Америка ахада Джозеф Баиден иҧшьгарала ҧхынҷкәын  10 рзы имҩаҧысуа Адемократиа асаммит аҿы дықәгылоит. Асамит мҩаҧысуеит онлаин аформат аҿы.

Аиҳабырақәа рлидерцәеи, атәылауаҩратә уаажәларреи, хазхаҭалатәи асектори еидызкыло асаммит адемократиа арҿыцреи адемократиа аҿаҧхьа иқәылоу ашәарҭарақәа раҧыхреи иазкуп.

Джозеф Баиден Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили  илзааишьҭыз ааҧхьаратә шәҟәы иануп: «Ауаҩытәыҩса изинқәа ҳаҭыр ахьрықәу, атәылауаҩ цыҧхьаӡа ақәҿиара аиура алшара ахьимоу  адемократиатә уаажәларра аргылараҿы иҟашәҵо алагала ахә ҳшьоит.  Крызҵазкәа аҳасабтәқәеи алшара дуқәеи аныҟоу аамҭазы, иахьа, адемократиақәа рзы зеиҧшҟамлац аҵакы амоуп  ҳажәларқәа рҭахрақәа рынагӡара аус аҿы алҵшәақәа ҳаур шҳалшо ашьақәырҕәҕәара».

Авиртуалтә саммит рхы аладырхәоит  100 еиҳаны аҳәынҭқаррақәа рлидерцәа.