Қырҭтәыла Актәи аканал апроект „Ашәҟәы ақәҵарҭа“ аиҿкаара ала, иахьа Лиси аӡиаҿы „Ашәҟәы аҧхьара афестиваль“ мҩаҧысуеит (афото)

Қырҭтәыла Актәи аканал апроект „Ашәҟәы ақәҵарҭа“ аиҿкаара ала, иахьа Лиси аӡиаҿы „Ашәҟәы аҧхьара афестиваль“ мҩаҧысуеит.

Асасцәа, адәахьы, акомфорттә ҭагылазаашьаҿы, ашәәҟы аҧхьареи, ашәҟәаҧхьаратә қәыҧшыралақәа рбареи, ашәҟәқәа реиҭныҧсахлареи, алитература иазку абжьгарақәа раиуреи рылшоит. иара убас, уаҟа амастерклассқәагьы мҩаҧысуеит. Ауснагӡатә алахәылацәа еиуеиҧшым аҳамҭақәа роуеит.

„Ашәҟәы аҧхьара афестиваль“ аконцерт ала ихдыркәшоит.  Ари ауснагӡатә есышықәса имҩаҧысуеит.