Қырҭтәыла Актәи аканал 64 шықәса ахыҵит
Қырҭтәыла Актәи аканал 64 шықәса ахыҵит

Қырҭтәыла Актәи аканал 64 шықәса ахыҵит. 64 шықәса раԥхьа, 1956 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы, афуникулер, Мҭаҵминда иҟое ателебааш аҿы адикторцәа рмакеттә студиа аҟынтә аҭоурых аҿы раԥхьаӡа ишиашоу аефир ахь иҭыҵит Лиа Миқаӡеи Алеқсандре Маҷавариании.

Ажәҩангәыԥштәы змаз аекран адыркит асааҭ 20:00 рзы. Жәашықәса рышьҭахь ателехәаԥшра аҭыӡҭыԥ аԥсахит, уи Костава 68 аҿы иҟаз ахыбрахь иасит. Аинформациатә дыраҭара Аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа ахьӡ рыԥсахын, Моамбе аефир ахь аҭыҵра алагеит.

Иахьа, Политковскаиа лымҩа №31 аҿы Актәи аканал ахыбра ҿыц аргылара алагара инамаданы асимволтә капсула ҭарҵоит.