Ника Мелиа -  " Амилаҭтә ҵысра" апарламент иалалоу иаламлоу еилкаахоит  10 мшы рышьҭахь
Ника Мелиа -  " Амилаҭтә ҵысра" апарламент иалалоу иаламлоу еилкаахоит  10 мшы рышьҭахь

Украинантә ихынҳәыз  «Иаку амилаҭтә ҵысра»  ахантәаҩы Ника Мелиа аҳаирбаҕәазаҿы ажурналистцәа драцәажәан, иареи Михаил Саакашвилии реиҧылара шымҩаҧысыз еиҭеиҳәеит.

«Амилаҭтә ҵысра» апарламент иалалоу иаламлоу ҳәа ажурналистцәа ианиазҵаа Мелиа ишиҳәаз ала, абри азҵаара аҭак аиҭоит жәамш рышьҭахь.

Иара иажәақәа рыла, апартиа алахәылацәа, ари азҵаара иадҳәаланы, арегионқәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧыргароуп.

«Уаҵәашьҭахь арегионқәа рахь сдәықәлоит. Амза анҵәамҭазы ари азҵааразы аӡбара ҳадаҳкылап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Ника Мелиа.