Апарламент „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект актәи аҧхьарала иадгылеит
Апарламент „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект актәи аҧхьарала иадгылеит

Апарламент, 83 бжьқәа рыла,   „Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәанпроект актәи аҧхьарала иадгылеит.

Иахьатәи апленартә аилатәараҿы азакәанпроект азы актәи аҧхьарала абжьыҭира мҩаҧган.

Аҧсахрақәа рыла иазҧхьагәаҭоуп афинансыркра хәҭак – 20 наӡына еиҳаны аҳәаанырцәынтә изауа икоммерциатәым аиуристтә хаҿқәеи амедиахархәагақәеи „атәым мчы аинтересқәа мҩаҧызго аиҿкаара“ аҳасабала арегистрациа.

Азакәанпроект инақәыршәаны,  „атәым мчы аинтересқәа мҩаҧызго аиҿкаара“ аҳасабала иазхаҵоу  аиҿкаара аҳәынҭқарратә реестраҿ ашәҟәы иҭагалазароуп,  арегистрациаан хымҧада иарбазароуп афинансыркра иазку аинформациа наӡа. Иара убас, зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаарақәеи амедиахархәагақәеи, хымҧада, есышықәса, афинанстә декларациа хадырҭәаароуп.

Еиқәыҧхьаӡоу аҭагылазаашьақәа назымгӡо аиҿкаарақәеи амедиахархәагақәеи 25 нызқь лари аҟынӡа  ахараҧса ашәара рықәшәоит.