Наталиа Сабанаӡе Евроеидгылаҿы Қырҭтәыла амиссиа анапхгаҩы лаҳасаб ала лнапынҵақәа шьҭалҵеит
Наталиа Сабанаӡе Евроеидгылаҿы Қырҭтәыла амиссиа анапхгаҩы лаҳасаб ала лнапынҵақәа шьҭалҵеит

 

Бельгиеи Лиуксембурги иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражҳәаҩи Евроеидгылаҿы Қырҭтәыла амиссиа анапхгаҩи Натали Сабанаӡе лнапынҵақәа шьҭалҵеит. Лара ари атәы аалыцҳаит асоциалтә аҳаҿы.

«Мызқәак рышьҭахь 8 шықәса ҵуеит сара Бриуссель Қырҭтәыла сахаҭарнакужьҭеи. Сара сзы уи ҳаҭыр дуун, аҭакҧхықәра дуун. Зыӡбахәы ҳәоу  амиссиа ақәҿиарақәагьы ацын, апроблемақәагьы. Аха, абри адаҟьа анаарҳәтәу аамҭа ааит. Сара арзаҳал зҩын, аминистр инапы аҵаиҩит.

Сара ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш сазықәҧоит. Абри ахықәкы агәра згоит, избанзар уи ҳхақәиҭреи ҳаҳаҭыри рыхьчара злаҳалшо мҩа заҵәуп», — илҩит Сабанаӡе.