Михаил Саакашвили - 43 наӡына, ҳара аџьармыкьаҿ ҳаҟоума, 2 кьылак ашә ааҳхәома?
Михаил Саакашвили - 43 наӡына, ҳара аџьармыкьаҿ ҳаҟоума, 2 кьылак ашә ааҳхәома?

Михаил Саакашвили – 43 наӡына, ҳара аџьармыкьаҿ ҳаҟоума, 2 кьылак ашә ааҳхәома?

 

«Ақырҭуа гәахәтәы» раҧхьаӡа акәны иазхарҵеит изаамҭаным апарламенттә алхрақәа рымҩаҧара шыҟало, уи аҵакы ду амоуп, — иҳәеит Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент даналацәажәоз.

«Изаамҭаным алхрақәа зымҩаҧгатәу аадыруеит, алхрақәа мҩаҧгатәуп, избанзар ҧасатәи алхрақәа ҧаршеин. Адетальқәа сырзааҭгылар сҭахуп, 50 наӡына акәымкәа,  43 наӡына шьақәдыргылеит, избан, ҳара аџьармыкьаҿ ҳаҟоума, 2 кьылак ашә ааҳхәома? Насгьы, даҽа зҵаарак сымоуп,  43 наӡына зыҧхьаӡода? Адокумент ишану ала, Алхратә комиссиа хада ала ааҩык апрофессионалтә алахәылацәа алхзаауеит, урҭ рызынтәгьы  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа ракәхоит, — иҳәеит Саакашвили ателееилахәыра  «Мҭавари» аефир аҿы.

Иацы  Европатәи Ахеилак ахада Шарль Мишель идокумент ҿыц аладырҵәеит. Қырҭтәыла аполитикатә кризис аҭыҧқәҵара иазку адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала,  сынтәа ҭагалан имҩаҧысуа ахаланапхгаратә органқәа рахь алхрақәа рҿы «Ақырҭуа гәахәтәы»  апропорциатә системала  43 наӡына рмоур, атәылаҿы изаамҭаным апарламенттә алхрақәа мҩаҧгахоит.

Иара убас, Шарль Мишель идокумент инақәыршәаны, адокумент анапаҵаҩра ашьҭахь мчыбжьык аҩнуҵҟала аганқәа ҩ-уск ирыхәаҧшроуп.