Келли Дегнан – Америка администрациа ҿыц ақырҭуа ҳҩызцәеи ҳколлегацәеи аус рыцура иазҿлымҳауп
Келли Дегнан – Америка администрациа ҿыц ақырҭуа ҳҩызцәеи ҳколлегацәеи аус рыцура иазҿлымҳауп

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыҧуаҩ Вахтанг Махароблишвили Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан дылҧылеит.

Аиҧылараҿы  Қырҭтәылеи Америкеи рыбжьара астратегиатә партниорра арҕәҕәареи,   администрациа ҿыц рҟны хара имгакәа аимадара ашьақәыргылареи иалацәажәеит.

Иара убас,  аиҧылараҿы,  Давиҭ Залкалиани Америка аҳәынҭқарратә маӡаныәгаҩ изишьҭыз ашәҟәы иазааҭгылеит.  Ашәҟәы аҟны иарбоуп  ҳаҧхьаҟа Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра арҭбаара аплан.

Америка ацҳаражәҳәаҩ даҽазнык ишьақәлырҕәҕәеит администрациа ҿыц Қырҭтәыла аиҳабыра рҟны аусеицура ишазҿлымҳау.

Иара убас,  аиҧылараҿы иазааҭгылеит арегион аҿы имҩаҧысуа апроцессқәеи ашәарҭадара аганахьала уажәазы иҟоу ҭагылазаашьеи.

Аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.