Китаитәи жәлартә республикеи Қырҭтәылеи астратегиатә партниорра алагара иазкны еицыҟарҵаз аҳәамҭа 
Китаитәи жәлартә республикеи Қырҭтәылеи астратегиатә партниорра алагара иазкны еицыҟарҵаз аҳәамҭа 

Қырҭтәыла аиҳабыра радминистрациа аланарҵәеит Китаии Қырҭтәылеи рыбжьара астратегиатә партниорра ашьақәыргылара иазку азеиҧш аҳәамҭа.

Адокумент ишану ала,  апартниорра иаҵанакәеит 4 хырхарҭак: аполитикатәи; аекономикатәи; ауааҧсыра рыбжьара аимадарақәеи акультуратә еизыҟазаашьақәеи; жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа.

«Қырҭтәыла аҧыза-министр, ҳаҭыр зқәу Иракли Ҕарибашвили 2023 шықәса ҧхынгәы 26 инаркны нанҳәа 1-нӡа Китаитәи жәлартә республикаҿ ивизит аан, Ченгду ақалақьаҿ, жәларбжьаратәи ауниверситеттә аспорттә федерациа  (FISU) 31-тәи адунеитә аҧхынтә хәмаррақәа рҿы дыҟан. Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Китаитәи жәлартә республика ахада Си Ӡинпин Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ченгду ақалақьаҿ диҧылеит, Китаитәи жәлартә республика аҧыза-министр Ли Циан – Пекин ақалақьаҿ. Аганқәа рхаҭарнакцәа, ҩ-ганктәи еизыҟазаашьақәеи, аҩ-ганк ирзыфеидоу жәларбжьаратәи арегионалтәи зҵаарақәеи инарҭбааны ирылацәажәеит, дара арҭ азҵаарақәа рзы еиқәшаҳаҭхеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа  ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа астратегиатә партниорра аҩаӡаранӡа ашьҭыхразы аӡбара рыдыркылеит.

Аганқәа ргәаанагарала, 1992 шықәса рашәара 9 рзы адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара амш инаркны, ҩ-ганктәи аусеицура еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла алҵшәа бзиа ахылҵит. Жәларбжьаратәии арегионалтәи ҭагылазаашьа интенсивла, комплексла аҿиара ианаҿу аамҭазы, аганқәа аҭакҧхықәра ргеит аполитикеи, аекономикеи, акультуреи аухскқәа рҿы аусеицура арҭбаареи, жәларбжьаратәи азҵаарақәа рзы аусеицура арҕәҕәареи, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбаареи, арегионалтәи аглобалтәи аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аҿиареи аиқәыршәаразы аусеицуреи азы», — иануп аҳәамҭаҿы.