Келли Дегнан – Аҳақьымцәа абжьагара шыҟарҵазгьы, ауаҩы иҧсҭазаара ахьчаразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зымҩаҧгамыз ҳзеилкаауам
Келли Дегнан – Аҳақьымцәа абжьагара шыҟарҵазгьы, ауаҩы иҧсҭазаара ахьчаразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зымҩаҧгамыз ҳзеилкаауам

Аҳақьымцәа абжьагара шыҟарҵазгьы, ауаҩы иҧсҭазаара ахьчаразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зымҩаҧгамыз ҳзеилкаауам, — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан.

Лара лажәақәа рыла, Америка Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа даараӡа иаргәамҵуеит.

«Саакашвили иҭагылазаашьа даараӡа ҳаргәамҵуеит. Ауаҩы иҧсҭазаара ашәарҭара ианҭагыло,  ахәышәтәра алацәажәара аҭахым. Ҳара Жәлар рыхьчаҩи лгәыҧи рыгәра ҳгоит. Дара ишырҳәаз ала,  Саакашвили цәгьала дыҟоуп.  Игәабзиара еиҕьхарц азыҳәан иашьашәалоу аклинкиаҿы дыҟазароуп.   Ари азҵаара Вашингтонгьы даараӡа иаргәамҵуеит.  Аҳақьымцәа абжьагара шыҟарҵазгьы, ауаҩы иҧсҭазаара ахьчаразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зымҩаҧгамыз ҳзеилкаауам», — илҳәеит  Келли Дегнан.

Дегнан  лажәақәа рыла, Қырҭтәыла жәлар рыхьчаҩ Қырҭтәыла Аконституциа ала илымоу азинмчы иалагӡаны илылшо зегьы ҟалҵоит, лара акритика акәымкәа, аҽхәара ауп илыхәҭоу.