Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель зеиҧшҟамлац адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит
Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель зеиҧшҟамлац адгыларазы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иахьа Қырҭтәыла иаҭааиз Европа Ахеилак ахада Шарль Мишель Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы диԥылеит. Аиҧылараҿы Иракли Ҕарибашвили Шарль Мишель даҽазнык ҭабуп ҳәа иеиҳәеит амедиациа апроцесс аҽалархәреи зеиҧшҟамлац адгылареи азыҳәан.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, аполитикатә аиҿцәажәарақәа қәҿиарала рхыркәшара Қырҭтәыла аиааироуп. Иара убас, Иракли Ҕарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит жәларбжьаратәи партниорцәа, урҭ рыбжьара, ахада Мишель ихатә хаҭарнаки, Евроеидгылеи Америкеи рыцҳаражәҳәаҩцәеи рџьабаа ду, анеҩс, ишиҳәаз ала, аганқәа зегьы хымҧада еидгылароуп хшыҩзышьҭра зегьы Қырҭтәыла аҿаҧхьа иқәгылоу апроблемақәа рыӡбарашҟа ирхазарц азыҳәан.

Шарль Мишель Аҧыза-министр ипозициазы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, иаҵшьны иазгәеиҭеит зыӡбахәы ҳәоу аполитикатә аиқәшаҳаҭра Қырҭтәыла адемократиатә аҿиареи европатәи евроатлантикатәи интеграциеи азы иамоу аҵакы.

Иара убас, аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа, Қырҭтәылеи Евроеидгылеи русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҿы апартниорреи, ҳаҧхьаҟатәи апланқәеи ирылацәажәеит.

Аиҿцәажәара аан хшыҩзышьҭра рызун арегион аҿы имҩаҧысуа апроцессқәеи ашәарҭадара аганахьала иҟоу апроблемақәеи. Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы иуадаҩӡоу агуманитартә ҭагылазаашьеи, ампыҵахалара амшала аҭыҧантәи ауааҧсыра изҭагылоу  ауадаҩрақәеи. Европатәи Ахеилак ахада даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Евроеидгыла Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аҭынчратә политикеи, атәыла аҵакырадгьылтә акзаареи ахьыҧшымреи ишадгыло.