Иракли Ҕарибашвили - Леқсо Лашкарава иҧсра даараӡа сгәы иалсит, иуацәа срыдашшылоит, аусеилыргара иалагахьеит, хара имгакәа ажәлар аинформациа наӡа роуеит
Иракли Ҕарибашвили - Леқсо Лашкарава иҧсра даараӡа сгәы иалсит, иуацәа срыдашшылоит, аусеилыргара иалагахьеит, хара имгакәа ажәлар аинформациа наӡа роуеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  ателеҭыхҩы Леқсо Лашкарава иуацәа дрыдашшылеит.

Ҕарибашвили ишиҩыз ала, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргара иалагеит, хара имгакәа ажәлар абри афакт иазку аинформациа наӡа роуеит.

«Леқсо Лашкарава иҧсра даараӡа сгәы иалсит. Арыцҳара ду ҟалеит. Леқсо Лашкарава  иуацәеи, ателееилахәыра «Пирвели»  аколлективи, инеизакны, амедиа- уаажәларреи срыдашшылоит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусеилыргара иалагахьеит, хара имгакәа ажәлар аинформациа наӡа роуеит», — иҩит Иракли Ҕарибашвили.