Иракли Ҕарибашвили -  Ҳара зҵакы дуу адокумент ҳнапы аҵааҩуеит, уи инақәыршәаны, Қырҭтәыла, иҵегьы  483 миллион евро афинанстә цхыраара аиуеит
Иракли Ҕарибашвили -  Ҳара зҵакы дуу адокумент ҳнапы аҵааҩуеит, уи инақәыршәаны, Қырҭтәыла, иҵегьы  483 миллион евро афинанстә цхыраара аиуеит

 

 

«Иахьа ҳара зҵакы дуу адокумент ҳнапы аҵааҩуеит, уи инақәыршәаны, Қырҭтәыла, иҵегьы  483 миллион евро афинанстә цхыраара аиуеит. Уи ҳтәылазы аҵакы ду амоуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы. Иахьа уаҟа, Қырҭтәылеи  «Франциатәи аҿиара агентреи» (AFD)  2021-2023  шықәсқәа рзы аусеицура апрограмма анагӡара иазку амеморандум рыбжьарҵеит.

«Ҳара ибзиаҵәҟьаны аус еицаауеит.  2017 шықәсазы, агентра, Қырҭтәыла аанартит арегионалтә офис.  Ҳусеицура иаҳа иҕәҕәахеит, иаҳа иҭбаахеит.  Уажәазы агентра апортфель  480 миллион евро иаҟароуп, агентра ацхыраара ала атәылаҿы крызҵазкәа апроектқәеи апрограммақәеи наҳагӡоит», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.