Импҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥгахоит
Импҵaхaлоу Аҧсны де-фaкто ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥгахоит

Импыҵaхaлоу Аҧсны  де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Аԥсны ахада иалхрақәа реиҭамҩаԥгаразы аӡбара аднакылеит. Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз ала, Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа цәыббра 20 рзы имҩаԥысыз импыҵaхaлоу Аԥсны де-фaкто ахада иалхрақәа аҩбатәи ртур алҵшәақәеи аӡбарҭа актәи аинстанциа аӡбареи закәаным ҳәа иазханаҵеит.

Аӡбарҭа аҿы еизаз аоппозициа адгылаҩцәа ари аӡбара напеинҟьаралеи гәырӷьабжьылеи ирыдыркылеит. Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз ала, импыҵaхaлоу Аԥсны де-фaкто ахада иалхра ҿыцқәа мҩаԥысроуп ҩба-хԥа мзы ирҭагӡаны.

Аҿагыларатә акциа хацыркын ажьырныҳәа 9 рзы. Аԥхьа ауаа еизеит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа. Урҭ иҟоу акриминогентә ҭагылазаашьазы агәынамӡара аадырԥшуан. Убри аамҭазы де-фaкто Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иахәаԥшуан атәыла ахадарахь кандидатс иҟаз Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ. Амитинг алахәылацәа атәыла ахада Иусбарҭа ахыбрахь инеит алхрақәа рылкаақәа еиҭарыхәаԥшызарц азы адҵа ҟаҵо. Амитинг алахәылацәеи азинхьчаратә органқәеи рыбжьара аидысларақәа ҟалеит. Аоппозициаа рхаҭарнакцәа ахыбра актәи аихагыла ашәқәеи аԥенџьырқәеи ԥҽны иҩналеит. Абри ашьҭахь Аԥсны де-фaкто ахада Рауль Ҳаџьымба атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит аҽынкылара аадырԥшларц. Ҳаџьымба иазгәеиҭеит иҟоу аҭышәныртәаларазы атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыда алагалахар шалшо. Иара убри аҽны адепутатцәа ԥыҭҩыки атәыла ахадеи аиԥылара рыман. Аиԥылара ашьҭахь Аԥсны де-факто  Апарламент адепутцәа ақәҵара апроект рыдыркылеит. Апроект инақәыршәаны атәыла ахада иахь ааԥхьара ҟарҵеит инапынҵақәа шьҭеиҵарц азы. Акциа алахәылацәа иаашаанӡа ахыбра аанкыланы итәан. Иҟан адәахьы иҷаԥшьозгьы.