Гьаргьы  Кахиани – Атәыла ҧасатәи ахада азыӡба иқәырҵахьеит, иара уи ихигароуп
Гьаргьы  Кахиани – Атәыла ҧасатәи ахада азыӡба иқәырҵахьеит, иара уи ихигароуп

«Михаил Саакашвили ҧасатәи ахада иакәу, баша атәылауаҩ иакәу, уи акәӡам аус злоу, иара ацәгьаура ҟаиҵазар,  аҭакҧықәрагьы игароуп», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла  Гьаргь   Кахиани.

Кахиани ишиҳәаз ала, еиуеиҧшым атәылақәа рҿы аҧыза-министрцәагьы ахадацәагьы иҭаркуеит.

«Акциаҿы шаҟаҩы иҟаз зегьы дара роуп. Атәыла анапхгара ажәлар ргәаанагара иазҧхьагәарҭароуп, аха, Саакашвили иоужьҭра иадҳәаланы иазгәасҭар сҭахуп, араҟа азакәан аиҳаӡара ауп ҳазлацәажәо.  Убри аҟынтәм, Михаил Саакашвили ҧасатәи ахада иакәу, баша атәылауаҩ иакәу, уи акәӡам аус злоу, иара ацәгьаура ҟаиҵазар,  аҭакҧықәрагьы игароуп.  Еиуеиҧшым атәылақәа рполитикатә ҭоурых ҳахәаҧшыр, дара рҟны  аҧыза-министрцәагьы ахадацәагьы иҭаркуеит. Абри аҩыза афактқәа адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рҿоуп иахьыҟоу», — иҳәеит  Гьаргь Кахиани.