Европеискаиа правда – Қырҭтәыла Нато алаларазы ауснагӡатә план аиур ҟалап, алианс аштаб уадаҿ атехникатә ганахьала еиқәшаҳатра рыбжьарҵахьеит
Европеискаиа правда – Қырҭтәыла Нато алаларазы ауснагӡатә план аиур ҟалап, алианс аштаб уадаҿ атехникатә ганахьала еиқәшаҳатра рыбжьарҵахьеит

Украинатәи аих аинформациа ала, Қырҭтәыла Нато алаларазы ауснагӡатә план аиур ҟалап.

Украинатәи «Европеискаиа правда» ишаанацҳаз ала, «Нато алаларазы ауснагӡатә план аиур ҟалап, алианс аштаб уадаҿ атехникатә ганахьала еиқәшаҳатра рыбжьарҵахьеит».

«Уи акәым, Қырҭтәыла ауснагӡатә план ала иазыԥхьагәаҭоу адҵақәа реиҳарак нанагӡахьеит, хара имгакәа атәыла алианс 31-тәи алахәылас рыдыркылароуп», – иануп астатаиа аҿы.

Аҭыжьымҭа ишаанацҳаз ала, Қырҭтәыла Нато иалаларц азы аполитикатә аӡбара мацара рыдыркылароуп.

«Ԥхынҷкәын 1-2 рзы имҩаԥысран иҟоу Нато адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа рсаммит аҿы ари рыӡбом, избан акәзар ари азҵаара иадҳәаланы ЕАШ  ҿыц иалху ахада Џьо Баиден игәаанагара еилыркаар рҭахуп», – иануп астатиа аҿы.