Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа апартиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵеит апарламент ҿыц аҿы рҭыҧқәа аанкыланы,  азакәанҧҵаратә орган адемократиатә усура иаҧырхагамхарц
Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа апартиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵеит апарламент ҿыц аҿы рҭыҧқәа аанкыланы,  азакәанҧҵаратә орган адемократиатә усура иаҧырхагамхарц

Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа амониторингтә комитет Қырҭтәыла аоппозициатә партиақәа рыла апарламент абоикот азура иаргәамҵуеит.

Шықәсыктәи аҳасабырба ишану ала,  Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи апарламенттә алхрақәа раан агхақәа аарҧшын. Амониторингтә комитет Қырҭтәылахь ааҧхьара ҟанаҵеит  2020 шықәса жьҭааразы имҩаҧгаз алхрақәа раан иҟаз агхақәа зегьы шьаҭанкыла  иҭырҵаарц.

Иара убас,  Апарламенттә Ассамблеиа апартиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵеит апарламент ҿыц аҿы рҭыҧқәа аанкыланы азакәанҧҵаратә орган адемократиатә усура иаҧырхагамхарц.

Европа Ахеилак Апарламенттә Ассамблеиа алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, жәларбжьаратәи анаҧшцәа ргәаанагарала, апарламенттә алхрақәа раан аконкуренциа иҟан, ахадаратә хақәиҭрақәа ихьчан, апартиақәа зегьы рхы иақәиҭны акампаниақәа рымҩаҧгара рылшон.

Иара убас, Апарламенттә Ассамблеиа аҳасабырбаҿы Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәагьы ирылацәажәоит. Аҳасабырба инақәыршәаны,  аурыс ампыҵахалара амшала, Аахыҵ Уаҧстәылеи Аҧсни аҭагылазаашьа иаҳа ицәгьахеит. Аҳасабырба ишану ала, Қырҭтәыла аиҳабыра изхылаҧшуа аҵакырадгьыли импыҵахалоу арегионқәеи рыбжьара, апрактикала, аимадара иҟам.