Ентони Блинкени Жозеп Борели Урыстәылаҟны еизыҟазаашьақәа рыхцәажәеит
Ентони Блинкени Жозеп Борели Урыстәылаҟны еизыҟазаашьақәа рыхцәажәеит

ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадара азҵаарақәеи  рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак  Жозеп Борель диԥылеит.

Евроеидгыла адәныҟатәи зҵаарақәа рмаҵзура адыррақәа рыла, ҩганкалатәи еиԥылара Лондон, G7 аминистериал аан мҩаԥган.

Ентони Блинкени Жозеп Борели  ҩганкалатәи еизыҟазаашьақәеи, ЕАШ-и Евроеидгылеи рҿаԥхьа иҟоу адәныҟатәии ашәарҭадаратәии ахырхаҭақәа рҿы иҟоу ааԥхьарақәа ирахәаԥшит. Америкатәии европатәи адипломатцәа џьамтәылатәи агәыцәтә еиқәшаҳаҭреи,  Урыстәылаҟны еизыҟазаашьақәеи, изакәанымкәа аннексиа ззыруз Ҟрыми Украина аҳәааҿ аруаа рмобилизациеи рыхцәажәеит. Иара убас еиԥылараҿ ирзааҭгылеит Алексеи Навальныи игәабзиара азҵаареи, Афганистан иҟоу аҭагылазаашьеи, Китаи аҟны еизыҟазаашьақәеи.