Ентони Блинкен  Израиль даҭаауеит абҵара 3 рзы
Ентони Блинкен  Израиль даҭаауеит абҵара 3 рзы

Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен  Израиль даҭаауеит абҵара 3 рзы. Ари атәы ааицҳаит Аҳәынҭқарратә департамент аофициалтә хаҭарнак  Метиу Миллер.

«Блинкен Израиль даҭаауеит ахәашазы, уаҟа атәыла анапхгара дырҧылоит, анеҩс, арегион егьырҭ атәылақәа рҿы аиҧыларақәа мҩаҧигоит», — иҳәеит Миллер.

«ҲАМАСа»  жьҭаара 7 рзы Израиль ианажәыла ашьҭахь, Блинкен ҩынтә Израиль даҭаахьеит. Иара убас, иара  Иорданиеи, Ҟатари, Бахреини, Саудтәи Аравиеи, Иеиду Араҧтәи Емиратқәеи, Египети дыҟан.