Ентони Блинкен - ЕАШ ацхыраара ада, Украина амоу ақәҿиарақәа зегьы ашәарҭа иҭагылоит
Ентони Блинкен - ЕАШ ацхыраара ада, Украина амоу ақәҿиарақәа зегьы ашәарҭа иҭагылоит

ЕАШ ацхыраара ада, Украина амоу ақәҿиарақәа зегьы ашәарҭа иҭагылоит, – иҳәеит ЕАШ аҳәынҭқарратә маҿаныҟәгаҩ Ентони Блинкен Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберги иареи еицымҩаԥыргаз апрессконфенренциа аҿы.

Блинкен иажәақәа рыла, аконгресс ацхыраара ашьақәырӷәӷәара аҵак ҷыда амоуп, мраҭашәаратәи партниорцәа Украина ацхырааразы, Урыстәыла аҭархаразы ирылшо зегь ҟарҵароуп.

„Иацҵоу абиуџьет амамзаара ҳаҿагылаҩцәа ииашам асигнал аҳҭоит, ҳара ахақәиҭреи адемократиеи ишрыхәҭо ала ҳахьчом ҳәа. Владимир Путин Украина аҭархара сылшоит әҳа игәы иаанагар ҟалап“, – иҳәеит Блинкен.