Еиҧҟьарадатәи ареисқәа еиҭалагоит   жәабран 1 инаркны
Еиҧҟьарадатәи ареисқәа еиҭалагоит   жәабран 1 инаркны

«Жәабран 1 инаркны еиҧҟьарадатәи аресиқәа рзы аҧкрақәа раҧыхра ҟалоит ҳәа иҳаӡбеит», — Акоординациатә хеилак аилатәара ашьҭахь ари аҳәамҭа ҟалҵеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи азы аминистр Наҭиа Турнава.

«Иахьазы Қырҭтәыла аус зуа авиаеилахәырақәа зегьы,  иара убас,  Қырҭтәыла аусура иалагар зҭаху аилахәырақәагьы,  еиҧҟьарадатәи ареисқәа рплан аиқәыршәара иалагар рылшоит.  Ҳәарада,  ареисқәа мҩаҧгазаауеит амедицинатә протоколқәеи ашәарҭадара аҧҟарақәеи иазҧхьагәаҭаны. Адунеи еиуеиҧшым атәылақәа рҿы ари апроцесс иалагахьеит. Адунеи аҿы,  атуризм аганахьала зегьы реиҳа ҳзызҿлымҳау атәылақәа рҿгьы,   авакцинациа апроцесс  иалагахьеит,  убри аҟынтә ааҧынра инаркны,  атуристцәа рыдкылара ҳалшап ҳәа  ҳгәыҕуеит », — илҳәеит Турнава.