Бриуссель иахьа иалаго Нато асаммит аҿы Қырҭтәыла азҵаарагьы иахәаԥшуеит
Бриуссель иахьа иалаго Нато асаммит аҿы Қырҭтәыла азҵаарагьы иахәаԥшуеит

Бриуссель иахьа иалаго Нато асаммит аҿы Қырҭтәыла азҵаарагьы иахәаԥшуеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистра аинформациа ала, Қырҭтәыла азҵаара асаммит амш аусхәаԥштә ахьалалаз, аҵак ду амоуп.

“Бриуссельтәи асаммит аҿы аихшьаалатә документ  – акомунике рыдыркылоит. Ақырҭуа ган иақәгәыӷуеит акоммунике аҿы Қырҭтәыла евроинтеграциа аганахьала амоу апрогресс ишахәҭоу еиԥш аарԥшхап ҳәа, Нато Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи шадгыло даҽазнык шьақәнарӷәӷәап ҳәа, иара убас импыҵахалоу аҵакырадгыьлқәа рҿы иҟоу агуменитартәи шәарҭадаратәи ҭагылазаашьа иахәҭоу ахәшьара арҭап ҳәа,” – иануп Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистра аинформациа аҿы.