Аоппозициа ахаҭарнакцәа Баҭымгьы амитинг мҩаҧыргоит
Аоппозициа ахаҭарнакцәа Баҭымгьы амитинг мҩаҧыргоит

Қарҭ, апаламент ахыбра аҧхьа имҩаҧысуа акциа адагьы, Баҭымгьы, адраматә театр аҧхьа аоппозициатә митинг мҩаҧысуеит.  Акциақәа рылахәылацәа  аҿыц алхрақәа рымҩаҧгареи алхратә администрациа аҧсахреи иаҳәоит.

«Абри акциа аҭынчратә ҟазшьа амоуп. Ҳара аӡәы иҧхьатәра акәӡам аҳәарас иҳамоу, ҳара ииашоу алхрақәа рымҩаҧгреи, иаҳцәырҕьычыз абыжьқәеи иаҳцәырҕьычыз ахақәиҭреи  ҳзыхынҳәра  ҳаҳәоит», —  иҳәеит  «Иаку амилаҭтә ҵысра» иалахәы Мирдат Камадаӡе.

Аҷара, апарламенттә алхрақәа рыдагьы, Аҷара Иреиҳаӡоу Ахеилак ахь алхрақәагьы мҩаҧган. Аоппозициатә партиақәа рҟынтә абариер иахысит  «Амилаҭтә ҵысра» мацара, аха, апартиа алахәылацәа, рмандатқәа мап рцәыркын, Иреиҳаӡоу Ахеилак ахь алхрақәа реиҭамҩаҧгара иаҳәоит.