Зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара азҵааразы Аусбарҭабжьаратә комиссиа ахәбатәи аилатәара мҩаҧган
Зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара азҵааразы Аусбарҭабжьаратә комиссиа ахәбатәи аилатәара мҩаҧган

Зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаҧгара азҵааразы Аусбарҭабжьаратә комиссиа ахәбатәи аилатәара мҩаҧган. Ари аинформациа аланарҵәеит Аиустициа аминистрра.

Аминистрра адыррала, Алхратә закәанеидкыла инақәыршәаны еиҿкаау Аусбарҭабжьаратә комиссиа хықәкыс иамоуп аҳәынҭқарратә маҵзуҩцәа рыла  алхратә закәанеидкыла аилагара апрвенциеи аилагарақәа рықәҿыҭреи.

Акомиссиа дахагылоуп аиустициа аминистр  Рати Брегаӡе. Акомиссиа алахәылацәа АИХқәа рмониторинг алҵшәақәа ирызку  аинформациа иазыӡырҩит.

«Акомиссиа аилатәара иалахәын уи иалоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, иара убас, жәларбжьаратәи амониторингтә аиҿкаарақәа  — «Жәларбжьаратәи ареспубликатә институти» (IRI), «Амилаҭтә демократиатә институти» (NDI), аполитикатә партиақәеи рхаҭарнакцәа», — иануп Аиустициа аминистрра аинформациаҿы.