Зураб Азарашвили - Рахьаӡатәи аинформациала, асанатори "Қарҭли" амашәыр ҟалеит
Зураб Азарашвили - Рахьаӡатәи аинформациала, асанатори "Қарҭли" амашәыр ҟалеит

Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Зураб Азарашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, рахьаӡатәи аинформациала, асанатори “Қарҭли” инхоз ахаҵа иԥсра иадҳәаланы аусԥшаара мҩаԥысуеит, рахьаӡатәи аинформациала, асанатори “Қарҭли” амашәыр ҟалеит.

“Амашәыр ҟалеит, аҭаацәа срыдашшылар сҭахуп, аусԥшаара алҵшәақәа хара имгакәа еилкаахоит,  ари ахҭыси ахҵәацәа рпроблемақәеи еидҳәалам.

Ахҵәацәа рпроблема иадҳәаланы аминистрраҿ аконсультациақәа мҩаԥысуеит. Иконкрету аплан ҳамоуп, 13000-ҩык ахҵәацәа анхарҭала реиқәыршәара ҳприоритетқәа ирылоуп,” – иҳәеит аминистр.

Иаха, Қарҭ, хаҵак, асанатори  «Қарҭли» ахыб аҟынтә дылбааҧан, уааҵәҟьа дыҧсит. Асанатори  «Қарҭли» иҩноу ауааҧсыра ишырҳәо ала,  иҧсыз ахаҵа атәыла аиҳабыра рҟынтә анхарҭа даҳәон. Асанатори  «Қарҭли» акәша-мыкәша апатрультә полициа игылоуп. Азинхьчаҩцәеи аҭыҧантәи ауааҧсыреи  аимак рыбжьалеит.

Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра аинформациала, афакт азы аусԥшаара хацыркуп.