Зураб Азарашвили Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи ассамблеиаҿ дықәгылеит
Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Зураб Азарашвили Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи ассамблеиа 76-тәи асессиаҿ дықәгылеит.
Зураб Азарашвили агәабзиарахьчара асервисқәеи амедикаментқәеи хәмариала раиуразы Қырҭтәыла имҩаԥысуа, иара убас имҩаԥысран иҟоу арефоромақәа дрыхцәажәеит.
Ақәгылараан аминистр ҷыдала дазааҭгылеит азеиԥш гәабзиарахьчара аҳәынҭқарратә программа ақәҿиарақәа дрыхцәажәеит. Азарашвили иажәақәа рыла, 10 шықәса ирылагӡаны апрограмма рзы аладырхәит ауааԥсыра 95% . Имаҷхеит агепатит С-и аимҳәабааԥси раларҵәара арбагақәа.
„2013 шықәса инаркны Қырҭтәыла зегьеицырзеиԥшу агәабзиарахьчара апрограмма хацыркын. Жәашықәса ирылагӡаны апрограмма рзы аладырхәит ауааԥсыра 95% . Имаҷхеит агепатит С-и аимҳәабааԥси раларҵәара арбагақәа, ауааԥсыра амедицинатә хырхарҭала иршәоз аԥара 73% рҟынтә 41% рҟынӡа имаҷхеит”, -Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Зураб Азарашвили Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи ассамблеиа 76-тәи асессиаҿ данықәгылоз.