Звиад Звиадаӡе Арчил Татунашвили анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Звиад Звиадаӡе Арчил Татунашвили анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министрра ахаҭарнак Звиад Звиадаӡе Арчил Татунашвили анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Қырҭтәылa Аинaaлaреи aтәылaуaҩрaтә aиҟaрaреи рызҵaaрaқәa рзы aҳәынҭқaррaтә министрра ахаҭарнак Звиад Звиадаӡеи, Аахыҵ Уаҧстәыла администрациа анапхгаҩы Ҭамаз Бестаеви, Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ  Иракли Анҭаӡеи, Мцхеҭа-Мҭианеҭи аҟны аҳәынҭқарра ахаҭарнак Гоча Қавҭараӡеи, Ахалкори ахада Гела Шермадини Арчил Татунашвили анышә дахьамадоу ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Арчил Татунашвили дыршьижьҭеи бжьышықәса ҵит. Асержант аиҵбы Арчил Татунашвили арратә маҵзура дахысуан 2007 шықәса инаркны 2011 шықәсанӡа. Ампыҵахаларатә режим ахаҭарнакцәа ақырҭуа фырхаҵа 2018 шықәса жәабран 22 рзы Ахалгори дааныркылеит, жәабран 23 рзы аларҵәара зауз  адыррақәа рыла, Арчил Татунашвили дшьын.