Жозеф Боррель - Аурысцәа зегьы рзы авизақәа рыҭара аанкылара ииашам ҳәа сгәы иаанагоит
Жозеф Боррель - Аурысцәа зегьы рзы авизақәа рыҭара аанкылара ииашам ҳәа сгәы иаанагоит

Адәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеф Боррель ишааицҳаз, Евроеидгыла ашқәа аолигархцәа рзы арктәуп, аха Урыстәыла анхара зҭахым,  ақәҵра зҭаху Урыстәыла атәылауаагыь иҟоуп ҳәа.

“Аурысцәа зегьы рзы неилых ҟамҵакәа авизақәа рыҭара аанкылара ииашам ҳәа сгәы иаанагоит“, –дәныҟатәи аполитикеи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак.

Иара убас, Боррель ишазгәеиҭаз, тәылақәак ари аганахьала аӡбарақәа рыдыркылахьеит, егьырҭ ари аԥшьгара иадгылом.