Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Америка Асенат акомитет Қырҭтәыла иадҳәаланы арезолиуциа аднакылеит
Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Америка Асенат акомитет Қырҭтәыла иадҳәаланы арезолиуциа аднакылеит

Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Америка Асенат акомитет алахәыла Джим Риш иҳәамҭала,  азакәанҧҵаратә орган Қырҭтәыла иадҳәаланы аредолиуциа аднакылеит.

«Арезолиуциа  176» Қырҭтәыла апартиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит   2021 шықәса мшаҧы 19 рзы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа зегьы нарыгӡарц. Иара убас,  Америка Асенат даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, евроатлантикатә ҽазышәареи  ишадгыло.

«Ҳрезолиуциа Қырҭтәыла апартиақәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵоит  2021 шықәса мшаҧы 19 рзы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра аҭагылазаашьақәа зегьы нарыгӡарц.  Аамҭакала, сара даараӡа саргәамҵуеит уажәааны иҳауз адырра партиақәак аиқәшаҳаҭра иатәамбакәа, ламысдарала рхы мҩаҧыргоит ҳәа. Қырҭтәыла аполитикатә партиақәа зегьы аиҿагылара иаҟәыҵны, аиқәшаҳаҭра инақәырышәаны ҧхьаҟацара нарыгӡароуп. Америка ақырҭуа жәлар рдемократиатә ҧеиҧш адгылара нанагӡоит», — иҳәеит асенатор Риш.