Женева аиҿцәажәарақәа 52-тәи араунд мҩаҧысуеит. Ахадаратә ҵакы амазаауеит имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазаашьа цәгьа атема. Иара убас, Заза Гахелаӡе закәандарала иаанкылара азҵаарагьы иалацәажәоит.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Лаша Дарсалиа ишиҳәаз ала, аиҿцәажәаратә процесс аан аҵакы ду амоуп амца аанкыларазы 2008 шықәсазы аганқәа еицрыдыркылаз аиқәшаҳаҭра, избанзар, уи ада аимак аҭыҧқәҵара ҟалом.
«Зыӡбахәы ҳәоу аиқәшаҳаҭра ала иазҧхьагәаҭоуп аибашьранӡа иҟаз астатус-кво азыхынҳәра, уи ада аимак аҭыҧқәҵара ҟалом. Нас, шьаҿа-шьаҿала, адеокупациагьы мҩаҧгазароуп. Урыстәылатәи аделегациа алахәылацәа абарҭ азҵаарақәа рылацәажәара рҭахым, аха, ҳареи, инеизакны апроцесси азы ари азҵаара аҵакы ду амоуп.
Ауаҩытәыҩса изинқәа рганахьала, ҳхықәкы хада — импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы азинхьчаратә мезанизмқәа русура аиқәыршәара ауп. Аиҿцәажәарақәа раан Урыстәылатәи аделегациа абри азҵаарала ахәаахәҭра иаҿуп, 21-тәи ашәышықәсазы ҳара уи ҳзақәшаҳаҭхом», — иҳәеит Дарсалиа.