Жәабран 21-22 рзы Қырҭтәыла амш бзиахоит, жәабран 23 рзы ақәа леиуеит, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы ауеит
Жәабран 21-22 рзы Қырҭтәыла амш бзиахоит, жәабран 23 рзы ақәа леиуеит, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы ауеит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра жәабран 21-23 рзы Қырҭәтыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, жәабран 21-22 рзы Қырҭтәыла амш бзиахоит, жәабран 23 рзы ақәа леиуеит, ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы асы ауеит.
„Қарҭ шьыбжьон +13, +15 градус ҧхаррахоит.
Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ): жәабран 21 рзы алышәшәақәа ҟалом, жәабран 22 шьыбжьашьҭахь инаркны, иара убас, жәабран 23 рзы ақәа леир ҟалап. Жәабран 21-22 рзы шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +20, +22 градус аҟынӡа, жәабран 23 рзы +12, +14 ҟалоит.
Мраҭашәаратә Қырҭтәыла ашьхаҳаракыратә раионқәа рҿы (Местиа, Бахмаро): жәабран 21-22 рзы алышәшәақәа ҟалом, жәабран 23 рзы асы леиуеит. Жәабран 21-22 рзы шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +10, +12 градус аҟынӡа, жәабран 23 рзы +2, +4 градус аҟынӡа илаҟәоит.