Жәабран 10 рзы Урыстәылеи, импыҵахалоу Аԥсни "Аахыҵ Уаԥстәылеи" рымчратә усҳәарҭақәа Риҵа аӡиа аҿы антитеррористтә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит
Жәабран 10 рзы Урыстәылеи, импыҵахалоу Аԥсни "Аахыҵ Уаԥстәылеи" рымчратә усҳәарҭақәа Риҵа аӡиа аҿы антитеррористтә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит

Жәабран 10 рзы Урыстәылеи, импыҵахалоу Аԥсни “Аахыҵ Уаԥстәылеи” рымчратә усҳәарҭақәа Риҵа аӡиа аҿы антитеррористтә зыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит.  Ари аанацҳаит  урыстәылатәи агентра “Риа новости” Аԥсны де-факто Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, Роберт Киут иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Азыҟаҵарақәа ирылахәхоит Аԥсны де-факто Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзуреи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзуреи русзуҩцәеи, Урыстәыла агвардиеи импыҵахалоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рхаҭарнакцәеи.