Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсныҟа ареисқәа нанагӡоит асанкциақәа зқәу аилахәырақәа
Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсныҟа ареисқәа нанагӡоит асанкциақәа зқәу аилахәырақәа

Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсныҟа ареисқәа нанагӡоит асанкциақәа зқәу аилахәырақәа. Аԥсныҟа аԥырразы абилеҭқәа рыҭира иалагеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла атранспорт аминистрра.

Аусҳәарҭа аинформациала, аилахәыра “UVT AERO” раԥхьатәи аҳаирплан москватәи “Внуково” аҟынтәи лаҵарамза 3 рзы Аԥсныҟа иԥыруеит, лаҵарамза 6 рзы аилахәыра ” Ikar” аҳаирпланқәа Нижни Новгород ақалақь аҟынтәи аԥырра иалагоит.

Уаанӡа аларҵәара зауз адыррақәа рыла, “Росавиациа” Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазашҟа аԥырра зин ранаҭеит iFly-и Nordstar-и, аха арҭ аилахәырақәа аԥырра ианалаго макьана идырым.
Арҭ еилахәырақәа Евроеидгыла атәылақәа рышҟа аԥырра зин рымаӡам, урҭ асанкциақәа рықәуп.