Саломе Зарубишвили - Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иашьҭанеиуа атәтәреи иҳәазо аннексиатә политикеи сырҿагылоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа аҭак ҟарҵарц
Саломе Зарубишвили - Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иашьҭанеиуа атәтәреи иҳәазо аннексиатә политикеи сырҿагылоит, жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа аҭак ҟарҵарц

Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иашьҭанеиуа атәтәреи иҳәазо аннексиатә политикеи сырҿагылоит, –”Твиттер” аҿы илҩит Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили.

Саломе Зарубишвили жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟалҵеит зыԥшра ҟамҵакуа аҭак ҟарҵарц.

“Аҳәынҭдача “Пицунда” аҭара иадҳәаланы ажәлар ирымоу ареакциа ампыҵахалара ишиашоу алҵшәа  ауп. Жәларбжьаратәи ауаажәларра рахь ааԥхьара ҟасҵоит зыԥшра ҟамҵакуа аҭак ҟарҵарц”, – илҩит Зурабишвили.

Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны апарламент аҳәынҭқарратә дача “Пицунда” Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра шьақәнарӷәӷәеит.  Ари атәы ааицҳаит импыҵахалоу Аԥсны де-факто апарламент аспикер Лаша Ашәба. Аҳәынҭқарратә дача “Пицунда” Урыстәыла аҭаразы аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара иадгылеи 25-ҩык адепутатцәа. Урыстәыла ала импыҵахалоу Аԥсны аоппозициатә мчрақәа рыхәҭа ари аӡбара иаҿагылоит, уи аԥыхра идҵаны иқәдыргылоит. Де-факто апарламент ахыбра аԥҳьа иаашаанӡа аҿагыларатә акциа мҩаԥысуан.