Давид Нарманиа - Егрыгес иадҳәаланы иҳамоу ахыдҵа ада,  Қырҭтәыла ацентртә напхгара импыҵахалоу Аԥсны афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала ахыдҵақәа рымам
Давид Нарманиа - Егрыгес иадҳәаланы иҳамоу ахыдҵа ада, Қырҭтәыла ацентртә напхгара импыҵахалоу Аԥсны афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала ахыдҵақәа рымам

Қырҭтәыла аенергетикеи ӡылеиқәыршәареи рхылаԥшра амилаҭтә комиссиа анапхгаҩы Давид Нарманиа иажәақәа рыла, Егрыгес иадҳәаланы иҳамоу ахыдҵа ада, Қырҭтәыла ацентртә напхгара импыҵахалоу Аԥсны афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала ахыдҵақәа рымам.

Давид Нарманиа азаҵара изықәдыргылеит, импыҵахалоу Аԥсны Урыстәыла азышьақәнаргылаз ашәахт ашәара алымшар,  Қырҭтәыла аенергосистема импыҵахалоу Аԥсны ацхыраауама ҳәа. Ари иаҭакны Нарманиа ишазгәеитаз, грыгес иадҳәаланы иҳамоу ахыдҵа ада, Қырҭтәыла ацентртә напхгара импыҵахалоу Аԥсны афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала ахыдҵақәа рымам.

“Исымоу аинформациа ала, Урыстәыла Аԥсныҟа афымцамч аанашьҭуеит, ари афымцамч ахә ашәара дара ирҭакԥхықәроуп. Ҳара иҳамоу хыдҵа заҵәык ауп Егрыгес афымцамч  40/60 наӡына апропорциала ашара (40 % импыҵахалоу Аԥсны атәып, 60% Қырттәыла егьырҭ ахәҭақәа), ари наҳагӡоит. Қырҭтәыла ацентртә напхгара импыҵахалоу Аԥсны афымцалашарала аиқәыршәара аганахьала егьырҭ ахыдҵақәа рымам“, – иҳәеит Нарманиа.