«Зесҭафони» ахада ақырҭуа бираҟ Килиманџьаро ашҟа ихеигалеит #1TVSPORT
Илиа Кокаиа африкатә континент аҿы зегьы реиҳа иҳараку ашьа ақәыцә Килиманџьаро (5895 м.) ашҟа дхалеит, — ари атәы иануп ашьапылампылтә клуб «Зесҭафони» аофициалтә саит аҿы.
Аклуб «Зесҭафони» зтәу абизнесмен Илиа Кокаиа еиуеиҧшым атәылақәа рҟынтә альпинизм абзиабаҩцәа рыла еиҿкаау агәыҧ далахәып.
Килиманџьаро данхала, Илиа Кокаиа ашьха ақәыцә аҿы ақырҭуа бираҟ шьҭихит.
Ашьапылампылтә клуб «Зесҭафони» аҧшәма Илиа Кокаиа жьҭаара 3 рзы 65 шықәса ихыҵит.