Заза Ломинаӡе - Атәылаҿы аус руан аҧсахратә терапиа 40 апунктқәа, урҭ рызынтәгьы аҳәынҭқарратә структурақа рахь ииасуеит, апрограмма хәыда-ҧсада имҩаҧысуеит
Агәабзиареи асоциалтә зҵаарақәеи рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы Заза Ломинаӡе иҳәамҭала, апарламент анаркополитика арџьбаразы зҵакы дуу азакәанпроект аднакылеит.
Заза Ломинаӡе иҳәамҭала, анаркотикқәа ирхьыҧшу ауаа рзы аҧсахратә терапиа хәыда-ҧсада имҩаҧысуеит. Насгьы, апсихотроптә маҭәашьарқәа римпорт азы аҭакҧхықәра ахы иаднаҵоит аҳәынҭқарра.
Апарламент, ахҧатәи аҧхьарала, «Анаркотикатә хархәагақәеи, аҧсихотроптә маҭәашьарқәеи, апрекурсорқәеи, анаркологиатә цхыраареи иразку» аакәанахь аҧсахрақәа аднакылеит
Аҧсахрақәа инрықәыршәаны, анаркотикатә хархәагақәеи апсихотроптә маҭәашьарқәеи римпорти рыҭиреи, иара убас, опиоидтә аҧсахратә терапиа амҩаҧгареи азы азинмчы змоу органс иҳәаақәҵоуп аҳәынҭқарратә усбара мацара.