Нанҳәа 14 инаркны цәыббра 4-нӡа амч зауа аҧкрақәа
Нанҳәа 14 инаркны цәыббра 4-нӡа амч зауа аҧкрақәа

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аӡбара ала, нанҳәа 14 инаркны цәыббра 4-нӡа, хымчыбжь рыҩнуҵҟа  амч рымазаауеит абарҭ аҧкрақәа:
• амуниципалтә транспорт аусура ҧкызаауеит. Ақалақьбжьаратә транспорт абри аҧкра адкьыслом;

  • иарбанзаалак афестивальқәеи, агәырҿыхаратә уснагӡатәқәеи, аконцертқәеи, аспорттә аицлабрақәеи рымҩаҧгара ҟалом;
  • ахәыҷтәы агәырҿыхаратә центрқәа аусура азин рымам;
  • акрыфаратә обиектқәа, ҵхыбжьон асааҭ 00:00 ацынхәрас, асааҭ 23:00-нӡа аусура азин рымоуп;
  • аҳәынҭқарратә усбарҭақәа адҵа роуит русзуҩцәа, излауа ала, анахаралатә усуратә режим ашҟа ииаргарц, Акоординациатә хеилак абри аҩызаҵәҟьа абжьагара ҟанаҵоит хазхаҭалатәи аусураҭаҩцәа рзгьы;
  • авакцинациа апроцесс излауа ала арҭбаареи аманшәалара аизырҳареи амзызла, алаҵақәа рыҟаҵара апроцесс рхы аладырхәоит арратә ҳақьымцәа рыла еиҿкаау абригадақәа; амуниципалтә транспорт аусура аҧкра иадҳәаланы, аҳәынҭқарра, алаҵақәа ахьыҟарҵо ахадаратә усбарҭақәа рахь еиҧҟьарада ауааҧсыра рымҩангара еиқәнаршәоит;

  • • амч змоу арегулиациақәа рықәныҟәара апроцесс излауа ала идырџьбароит, урҭ рыбжьара, ачарақәеи аҧсхәарақәеи уҳәа, асоциалтә уснагӡатәқәа зегьы рымҩаҧгаразы ишьақәыргылоу аҧкрагьы уахь иналаҵаны. Зыӡбахәы ҳәоу асоциалтә уснагӡатәқәа рымҩаҧгаразы, аобиектқәа 10 нызқь лари ахараҧса рықәырҵоит, аҩынтәраан апҟара аилагаразы  – аобиект адыркуеит;
  • иара убас, Акоординациатә хеилак иахьатәи аилатәараҿы, Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр анапхгаҩы, абжьагара ҟаиҵеит цәыббра инаркны, акрыфаратә обиектқәеи, спа салонқәеи, афитнесклубқәеи, урҭ иреиҧшу аобиектқәеи рахь ауаа нарышьҭарц алаҵак ма авакцинациа акурс наӡеи, аҵыхәтәантәи 72 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу PCR атест ма аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыҩнуҵҟала иҟаҵоу антиген азы атест лас иҵоурам аҭаки ашьаҭа мацарала. Ахеилак алахәылацәа абри азҵаара иахәаҧшны, ирыдыркыло аӡбара ажәлар ирыларҳәоит.